Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Израиль Амилаҭтә полициа иаҭааит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Израиль Амилаҭтә полициа иаҭааит

 Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ  Шьалуа  Бедоиӡеи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Гьаргь Буҭхузии, аусбарҭа анапхгаҩцәеи, Израиль Амилаҭтә полициа акомиссар Иаков Шабтаи иааҧхьарала,  аофициалтә визитла Израиль иаҭааит.

«Израильтәи аполициа аусушьа аилкаара амзызла, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Тель-Авив аполициа анапхгаҩцәеи, Антитеррористтә амилаҭтә хәҭеи, аидентификациеи аекспертизеи ахәҭақәеи, Ажәытә ақалақь Иерусалим ахылаҧшреи анапхгараҭареи ацентри, Аҳәаатә полициеи, иара убас, Аҳәаатә полициа аҵаратә усбарҭақәеи рҿы аиҧыларақәа мҩаҧысуеит», — ирҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Аофициалтә усуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Израиль Амилаҭтә полициеи рыбжьара аусеицура арҭбаара иазку азҵаарақәа ирылацәажәоит.