Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Израиль Амилаҭтә шәарҭадара аминистри аусеицуразы амеморандум рнапқәа аҵарҩит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи Израиль Амилаҭтә шәарҭадара аминистр Итамар Бен Гвири аусеицуразы амеморандум рнапқәа аҵарҩит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, амеморандум Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Израиль Амилаҭтә шәарҭадара аминистрреи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аполициатә усеицура арҭбаара иазкуп: амиграциатә департаментқәеи Аполициа академиақәеи рыбжьара аԥышәеимдара, аусеицура арӷәӷәара.
Ҩганкалатәи аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аминистрцәа азинтә усҳәарҭақәа ирыбжьоу аусеицураҿ иактуалу азҵаарақәа ирыхәаԥшит.
Аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе ҩганкалатәи аусеицура арҭбааразы аполициа атташецәа рроль дахцәажәеит. Аминистр израильтәи иколлега адкыларащы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.