Қырҭтәыла атуристтә потенциал зеиԥшроу Польша еилыркааит
Қырҭтәыла атуристтә потенциал зеиԥшроу Польша еилыркааит

Атуризм азы амилаҭтә администрацинт Аҷара атуризми акурортқәеи рдепартаменти рхы аладырхәит Польша, Вроцлав имҩаԥысыз International Tourism Fair Wroclaw ацәыргақәҵа.

Администрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, ацәыргақәҵаҿ иҟаз Қырҭтәыла астенд аҿы асасцәа ақырҭуа хаҭалатәи аилахәырақәа раалыҵ ицәырган.

“Вроцлав имҩаԥгаз ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡагы аиԥыларақәа мҩаԥган польшатәи атуристтә аилахәырақәа рҟны.

Польшатәи аилахәырақәа Қырҭтәыла амшынтә курортқәеи, акулинариеи, аекстремалтә туризми  ирызуа адыррақәа аинтерес ду ала ирзыҿырит.

International Tourism Fair Wrocl рзы аладархәит 200 иреиҳаны атуристтә аиҿкаарақәеи аилахәырақәеи, ацәыргақәҵа иаҭааит 13 000-ҩык асасцәа”, – иануп аинформациа аҿы.