Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа Гьаргь Анҵухелиӡе дыргәаладыршәеит
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа Гьаргь Анҵухелиӡе дыргәаладыршәеит

Нанҳәа 18 ҳаамҭазтәи ақырҭуа фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе имш иироуп, иара иԥсы ҭазҭгьы, 40 шықәса ихыҵуан.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала,  атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнакцәа Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿ Амилаҭтә фырхаҵа  игәаладыршәеит.

Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе диит 1984 шықәса нанҳәа 18 рзы Ахмета араион ақыҭа Ҵаҟатәи Алвани аҿы. Ауаҧс сепаратистцәа 4-тәи ашьаҟартә бригада  41-тәи абаталион акапрал  Гьаргь Анҵухелиӡе  дааныркылеит  2008 шықәса нанҳәа 9 рзы, Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра аан. Гьаргь Анҵухелиӡе гәымбылџьбарала дыпҟаны, дыргәаҟны дыршьит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, асепаратистцәа, ақырҭуа аруаҩ иргәаҟра акадрқәа аинтернет аҿы иаладырҵәеит. 2013 шықәса мшаԥы 15 рзы Анҵухелиӡе амилаҭтә фырхаҵа ихьӡ ианашьан.