Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Ҭырқәтәылатәи ареспублика аҟынтә ироуит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа
Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Ҭырқәтәылатәи ареспублика аҟынтә ироуит НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа

Аҭырқәа аган рҟны аиқәшаҳаҭра ашьаҭала, Атәылахьчаратә мчқәа НАТО астандартқәа ирышьашәалоу акәылӡтранспортиорқәа  (VURAN) роуит.  Ацеремониа мҩаҧган Вазиани, аҧшьбатәи ашьаҟатә бригадаҿы.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Серго Џьанелиӡеи, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, абригада аинрал Иракли Ҷиҷинаӡеи,  арбџьармчқәа рлогистикатә аиқәыршәара анапхгаҩы, абригада аинрал Каха Табатаӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Али Қаан Орбаи.

Аусмҩаҧгатә аҽалархәразы Ҭырқәтәылантә дааит Амилаҭтә хыхьчара аминистрра иаҵанакәа аилахәыра  ASFAT аменеџьер хада.

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа зыӡбахәы ҳәоу акәылӡтранспортиорқәа рыла реиқәыршәара Қырҭтәыла  ахыхьчаралшара арҕәҕәареи Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи русеицура арҭбаареи иацхраауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Атәылахьчара аминистрра апрессмаҵзура.