Қырҭтәыла атәылауаа Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа рахь авизада адәықәлара ирылшоит
Қырҭтәыла атәылауаа Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәа рахь авизада адәықәлара ирылшоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, рашәара 14 рзы амч аиуит Қырҭтәылеи Араԥцәа Еидҵоу Аемиратқәеи рыбжьара авизадатә неиааира арежим.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, аиқәшаҳаҭра инақәаршәаны, аординартә тәылауаҩшәҟәқәа змоу ҩтәылак ртәылауаа авизада аҭаара, атранзитла аиҭаҵра, атәылақәа рҿы 90 мшы ирылагӡаны аҟазаара рылшоит.