Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра Оливер Варҳеии Оҭар Шамугиеи реиԥылара иазку адырра аланарҵәеит
Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Оҭар Шамугиа Бриуссель аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Агәылареи арҭбаареи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи диԥылеит.
Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра аинформациала, аиԥылараҿ иазгәаҭан акандидат статус аиура ашьҭахь Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа иҿыцу аҩаӡа́рашҟа шииасуа.
«Ассоциира иазку аиқәшаҳаҭра инақәыршәагы, 2015 шықәса рышьҭахь Қырҭтәыла амилаҭтә закәанԥҵара Евроеидгыла азакәанԥҵара иазааигәахоит. Иахьазы Евроеидгыла 200 зинтә актқәа рҟынтә, Қырҭтәыла азакәанԥҵара азинтә 133 актқәа ирзааигәахеит», — иануп Қырҭтәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра аинформациа аҿы.