Қырҭтәыла апрокуратура Роин Шаваӡе ишьра аус азы даҽа хаҿык иганахьала ашьауӷа усԥшаара иалагеит
Қырҭтәыла апрокуратура Роин Шаваӡе ишьра аус азы даҽа хаҿык иганахьала ашьауӷа усԥшаара иалагеит

Қырҭтәыла апрокуратура хада Қырҭтәыла Атәылахьчаоа аминистр абригада асержант, 008 шықәсазтәи аибашьра алахәыла Роин Шаваӡе изакәанымкәа иаанкылара аҿалархәра афакт азы  Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа аконституциатә шәарҭадара адепартамент Аҷаратәи автономиатә республика аусԥшааратә ҟәша ԥасатәи ахада иганахьала ашьауӷа усԥшаара иалагеит, – аарыцҳаит апрокуратура хада аҟынтә.

Аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишеилкаахаз ала, 2008 шықәса нанҳәа 16 рзы Аконституциатә шәарҭадара адепартамент Аҷаратәи автономиатә республика аусԥшааратә ҟәша аусуҩцәеи реиҳаби имцу аоперативтә информациа шьаҭас аҭагы Баҭым каҳуажәырҭак аҿы иҟаз Роин Шаваӡе изакәанымкәа дааныркылеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа аконституциатә шәарҭадара адепартамент Аҷаратәи автономиатә республика аусԥшааратә ҟәша ԥасатәи ахада иганахьала ашьауӷа усԥшаара иалагеит Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 25,147 ахәҭаҷ инақәыршәаны (изакәаным аанкылара), уи ала иазыԥхьагәаҭгоуп 9 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра.