Қырҭтәыла Апрокуратура амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, амҩақәа рҿы амчылареи рзы даҽа 13-ҩык ахара рықәнаҵеит
Қырҭтәыла Апрокуратура амчыларатә гәыԥқәа реиҿкаареи, рнапхгараҭареи, астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагара аҽазышәареи, амҩақәа рҿы амчылареи рзы даҽа 13-ҩык ахара рықәнаҵеит.
Қырҭтәыла апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ишаанацҳаз ала, АҩАР имҩаԥнаго аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала 2025 шықәса жьҭаара 4 рзы Владимир Гвелесиании, Ника Гвенцаӡеи, Мамука Лабучиӡеи, Гоча Каташвилии, Гуриел Қардавеи, Зураб Ҷавҷанидзеи, Константин Кокаиеи, Сулхан Абралавеи, Беқа Қелехсашвилии Гьаргь Кирвалиӡеи егьырҭ ахаҿқәеи астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагаразы Қырҭтәыла ахада ихан аанда ԥхасҭартәын, ахыбра мчыла аҩналара рҽазыркит. Иаанкылоу ахаҿқәа руаӡәы – Коба Эпиташвили азакәанхьчаҩцәа ахаҳәқәа иргәыдиҵеит, даҽаӡәы – Саба Кордзаиа – азакәанхьчаҩцәа Молотов икоктель иргәыдиҵеит.
Апрокуратура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аидентификациа зыруит арҭ ацәгьоурақәа реиҿкааҩцәа руаӡәы – Нана Сандер.
Хых еиқәыԥхьаӡоу аҳаҿқәа, аӡбарҭа аӡбамҭа инақәыршәаны, жьҭаара 7-8 рзы иаанкылан.