Қырҭтәыла апрокуратура аҭаацәаратә мчыларазы Апенитенциартә маҵзура ҷыда аусзуҩ ахара иқәнаҵеит
Қырҭтәыла апрокуратура аҭаацәаратә мчыларазы Апенитенциартә маҵзура ҷыда аусзуҩ ахара иқәнаҵеит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, ахара зду ахаҿы иԥҳәыс лганахьала ақәымчра аарԥшын.
«Апрокуратура аҳәара иқәнаргылеит ахара зду ахаҿы дҭаркырц», — иануп аинформациа аҿы.