Қырҭтәыла апрезиденттә аханаҿ Хорватиа ахада Зоран Миланович иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган [фото]
Қырҭтәыла апрезиденттә аханаҿ Хорватиа ахада Зоран Миланович иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган.
Зоран Миланович дидикылеит Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили. Инагӡан ҩ-тәылак рхьыӡрашәақәа. Анеҩс, аколлегацәа рделегациақәа рылахәылацәа еибадырдырит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Михаил Ҟавелашвилии Зоран Миловичи ишиашо, иара убас, аирҭбаау аформатқәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргоит, анеҩс, АИХқәа рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.
Қырҭтәыла иаҭааиз Хорватиа ахада аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп Хорватиа ахада иусмҩаҧгарҭа анапхгаҩы Бартол Шимуничи, адәныҟатәи европатәии аполитика азҵаарақәа рзы ахада ибжьагаҩ Невен Пеличаричи, аекономикатә зҵаарақәа рзы ахада ибжьагаҩ ҷыда Велибор Мачкичи, Қырҭтәыла иҟоу Хорватиа ацҳаражәҳәаҩ Бранко Зебичи, иара убас, Хорватиа ахада иадминистрациа ахаҭарнакцәеи.





