Кацхтәи абааш иазку астатиа икьыԥхьуп ВВС аныҟәаратә даҟьаҿ. Британиатәи аҭыжьымҭа ажурналист Прианка Шанкар Қырҭтәыла даҭаан, аԥхьаҩцәа Имереҭи лныҟәара адетальқәа рдаалырԥшит. Астатиаҿ иануп Чиаҭуратәи амуниципалитет иҟоу Кацхтәи абааши аберҭыԥи ирызкны.
Астатиаҿ аберцәа рыԥсҭазаареи Кацхтәи абааш иҟоу аберҭыԥ аиҭашьақәыргылара аҭоурыхи аарԥшуп.
“Аҭоурыхдырцәа ргәаанагарала, аберцәа Кацхтәи абааш аҟны инхоит 10-тәи ашәышықәса инаркны. Османцәа рқәылараан аберцәа абааш ахь ихаломызт. Аберҭыԥ аҭагылазаащьа 1944 шықәсанӡа еилкаамызт. Уи ашықәс азы Кацхтәи абааш ахь ихалеит ашәҟәыҩҩцәа Леван Гоҭуеи Акаки Белиашвилии, архитектор Вахтанг Цинцаӡеи альпинист Александре Џьаԥариӡеи, урҭ аныхабаа ацәынхақәа рыԥшааит. Аекспедициа алахәылацәа аныхабаа ааигәара акелиақәеи аҩцареи рбеит.
1990 шықәсқәа ралагамҭаз Қырҭтәыла акультуратә ҭынхара ахьчара амилаҭтә агентра ацхыраарала, абер Мақсиме Қавҭараӡеи аҭыԥантәи уааԥсыреи аныхабаа еиҭашьақәдыргылеит. Иргылан 40 метра аура змоу амардуан”, – иануп ВВС астатиа аҿы.