Қырҭтәыла аҧыза-министр Исландиа ахада диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Исландиа ахада диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Исландиа ахада Гудни Иоҳаннессон диҧылеит. 

Аиҧылараҿы Исландиеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.   

Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан наҟ-наҟ аиҭныҧсахларатә визитқәа рымҩаҧгареи жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы активла аусеицуреи аҵакы. Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун ахәаахәҭреи,  аенергетикеи, аекономикеи, атуризми аусхкқәа рҿы атәылақәа реизыҟазаашьақәа. Ишазгәаҭаз ала, ари аганахьала иҟоу апотенциал хымҧада ахархәара наӡа амазароуп.