Қырҭтәыла аҧыза-министр инапхгарала, афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы аиҳабыратә координациатә комиссиа еиҿкаауп
Афатәаалыҵ ахәқәа ирыдҳәаланы аиҳабыратә координациатә комиссиа еиҿкаауп. Акомиссиа анапхгара азиуеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Иашьашәалоу адҵа шьақәырҕәҕәан аиҳабыра иацтәи реилатәараҿы.
Аиҳабыра радминистрациа анапхгаҩы Леван Жоржолиани иҳәамҭала, акомиссиа иалоуп иашьашәалоу аусхкқәа рминистрцәеи, аиҳабыра радминистрациеи Аконкуренциазы агентреи ахаҭарнакцәеи.
„Аҧыза-министр афатәаалыҵ ахәқәа инарҭбааны дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ари азҵаара шьаҭанкыла иҭҵаатәуп. Аиҳабыратә комиссиа еиҿкаауп ари апроцесс иаҳа еиҕьны акоординациа азуразы», — иҳәеит Жоржолиани.