Қырҭтәыла аҧыза-министр иаарту ишәҟәы ҳаҭыр зқәу Урсула фон дер Лаиени, Антонио Коштеи, Роберта Мецолеи рахь 
Қырҭтәыла аҧыза-министр иаарту ишәҟәы ҳаҭыр зқәу Урсула фон дер Лаиени, Антонио Коштеи, Роберта Мецолеи рахь 

Ишыжәдыруа еиҧш, Қырҭтәыла европатәи апринципқәа рыла ишьаҭарку тәылоуп, араҟа ауаҩы иаҳаҭыри, агуманизми, ахақәиҭреи, амилаҭтә аҷыдаҟазшьареи – баша ирылаҳәоу апринципқәа ракәымкәа, ашәышықәсақәа рацәа ирылагӡаны ишьақәгылаз апринципқәа роуп. 

 Ҭоурыхла, акультурала, ахатә принципқәа рыла, Қырҭтәыла европатәи ақәыҧшылара иалахәып, насгьы, европатәи аҭаацәара зымч наӡоу алахәылас иҟалар зҭаху, Евроеидгыла алахәызааразы акандидат тәылоуп. Рыцҳарас иҟалаз, европатәи абиурократиа Қырҭтәыла иадҳәаланы ирыдыркылаз аӡбарақәа рымшала, ганкала, шәара шәинициативала, ҳтәылаҟны аполитикатә диалог аанкылоуп, убри аҟынтә, изныкымкәа ишәыдаагалаз адискуссиеи аусеицуреи аформатқәа мап рцәыркит. Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, иаарту ашәҟәы ала, аргама, шәара шәахь ааҧхьара аҟаҵара ҳақәшәеит.  

Ҳара изныкымкәа иазагәаҳҭахьеит Евроеидгыла алаларазы  Қырҭтәыла агәазыҳәара аформалтә интеграциа агәазыҳәара шакәым. Ҳажәлар рзы Европа, раҧхьа иргыланы, апринципқәа рқәыҧшылароуп, ҳазхылҵыз ауаа рцивилизациатә гәазыҳәароуп, уи ақьырсиантә морали, ахақәиҭреи, азинеиҟарареи, ауаҩытәыҩса изинқәа пату рықәҵареи, адемократиатә принципқәеи рышьаҭала ишьақәгылеит.  

Ҳара ҳзы евроеидгыла – иаҳзеиҧшу, европатәи ацивилизациатә қәыҧшылароуп, иарбанзаалак аконкреттә политикатә фигура, европатәи алидер, ма евробиурократ иакәымкәа, европатәи ажәларқәа зегьы, ақырҭуа жәларгьы иртәу аидгылароуп.  

 Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, европатәи ацивилизациа иалахәы, Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла аҳасабала, Европа агәҭаны, Даниа аҳҭнықалақьаҿ, Копенгаген иҟалаз, угәы ҧызжәаша ахҭыс иадҳәаланы азҵаарақәа ҳамоуп, ҳгәы ишаанаго ала, ари ахҭыс изакәызаалак ак ала Европеи европатәи апринципқәеи ирыдҳәалам.  

Ҳаҭыр зқәу Урсула, ҳаҭыр зқәу Антонио, ҳаҭыр зқәу Роберта, Евроеидгыла иреиҳаӡоу аинститутқәа рхаҭарнакцәа раҳасабала азҵаара шәаҳҭоит – Дани аҳҭнықалақь Копенгаген иҟалаз амчылара иахышәҳәаауеи, уаҟа аҭынчратә демонстрациа алахәылацәа зны  алабақәа рыла ианырпҟа, адемонстрантцәа ирҿагыланы алақәа рхы ианадырхәа?

 Ихьанҭаӡоу акадрқәа ҳбеит, аполициа аҭынчратә демонстрантцәа гәымбылџьбарала еимдырпон, абарҭ акадрқәа рыла жәларбжьаратәи ауаажәларра ибзиаӡаны ирбеит агәыҧжәаратә лабҿабара – акыршықәса ирылагӡаны Европа адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ажәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭреи, иара убас, егьырҭ ахадаратә принципқәеи рыхьчара аеталонс иҟан, аха, уажәы, зынӡаскгьы даҽа тенденциақәак убарҭоуп. Ари аҭагылазаашьа алагьы иубарҭоуп ашәарҭара шыҟоу, Европа абарҭ апринципқәа рыхьчара акәымкәа, ратәамбареи реилагареи еталонс иҟалар ауеит.   

Адемократиатә принципқәа ирызгәыку иарбанзаалак аҳәынҭқарр еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәылагьы Копенгаген иаабаз амчылара ҕәҕәала иақәыӡбоит, Евроеидгыла иара излашьақәгылаз ахадаратә принципқәа рыхьчара ишазҿлымҳам ҳбоит, ҳара уи ҳақәшаҳаҭым.  

Жәаҳәарада, абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, шәара шәахь азҵаарақәа ҳамоуп, цқьа еилаҳкаар ҳҭахуп абри аҩыза амчылара Евроеидгыла еснагь излацәажәо, адунеи атәылақәа изызҿлымҳау адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи астандартқәа ирышьашәалоума?

 Қырҭтәыла, европатәи атәыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат тәыла, шәара шәҟынтә аҭак иазыҧшуп – Евроеидгыла планқәас иамои, аидгыла аҩныҵҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа хырхарҭас ирымои,  ҳара ҳамацара ҳакәымкәа, егьырҭ европатәи атәылақәа руааҧсыреи рполитикатә лидерцәеи аргама излацәажәо, угәы ҧызжәо абарҭ апроцессқәа ирхылҵуеи?