Қырҭтәыла Апатриархиа – Урыстәыла апатриарх Аахыҵ Уаҧстәыла де-факто ахада изиҩыз ашәҟәы агәыҩбара ҳзаанагеит
Қырҭтәыла Апатриархиа – Урыстәыла апатриарх Аахыҵ Уаҧстәыла де-факто ахада изиҩыз ашәҟәы агәыҩбара ҳзаанагеит

Қырҭтәыла Апатриархиа иаланарҵәаз аҳәамҭа ишану ала, Москватәи Апатриархиа асаит аҿы икьыҧхьуп Урыстәыла Апатриарх Аахыҵ Уаҧстәыла де-факто ахада алхарақәа рҿы иааира инамаданы   изишьҭыз адныҳәалара.

Апатриархиа адыррала,  ари ашәҟәы агәыҩбара рзаанагоит.

Урыстәыла Апатриарх ишәҟәы агәыҩбара ҳзаанагоит,  избанзар,  Урыстәылатәи ауахәама Аахыҵ Уаҧстыла аҵакырадгьыл аҿы Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама аиурисдикциа азханаҵоит.

Иара убас,  ақырҭуа ауахәамеи,  Ақырҭуа ҳәынҭқарреи,  жәларбжьаратәи уаажәларреи   жәларбжьаратәи азхаҵара змоу Қырҭтәыла аҳәаақәа азхарҵоит, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟоу администрациақәа ампыҵахалатә режимс ирыҧхьаӡоит.

«Иахьа,  Аиашахаҵаратә уахәамақәа реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы аҽазышәара ду аныҟоу,  аҭагылазаашьа зырцәгьаша ашьаҿақәа ҟарҵоит,  уи даараӡа ҳаргәамҵуеит», — иануп аҳәамҭаҿы.