Қырҭтәыла апатриархиа лаҵара 17 иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, Қашуеҭтәи ауахәамаҿ асааҭ 14:00 рзы апараклис мҩаԥысыуеит, уи ашьҭахь Самеба аныхабаа ахь ныҟәара иалагоит.
“Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи иныҳәарала, 2014 шықәсазы лаҵара 17 Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи рымшны ирылаҳәан.
Сынтәа, лаҵара 17, асааҭ 13:00 рзы адоуҳаныҟәгаҩцәа Қашуеҭтәи ауахәама аԥхьа еизоит, уа асааҭ 14:00 рзы апараклис мҩаԥгахоит, уи ашьҭахь аныҳәатә ныҟәара мҩаԥысуеит Самеба аныхабаа аҟынӡа“, – иануп аҳәамҭа аҿы.