Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла апатриархиа аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишануала, Қырҭтәыла акатоликос-патриарх ииубилеи инамаданы ауснагӡатә иҳәаақәҵоу аформат ала мҩаԥгахоит.

“Украинеи адунеии рҿы иҟоу аҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны, Қырҭтәыла акатоликос-патриарх ииубилеи инамаданы ауснагӡатә иҳәаақәҵоу аформат ала мҩаԥгахоит.

Апланқәа ирылам ауахәамақәа реиҳабацәеи урҭ рхаҭарнакцәеи ма ауаажәларратә хаҿқәеи рыдкылара”,-иазгәаҭоуп апатриархиа аҳәамҭа аҿы.