Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Стокгольм имҩаҧысуа Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәа европатәи аусқәа рзы акомитетқәа реилатәара иалахәхәоит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Стокгольм имҩаҧысуа Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәа европатәи аусқәа рзы акомитетқәа реилатәара иалахәхәоит

Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Стокгольм имҩаҧысуа Евроеидгыла атәылақәа рпарламентқәа европатәи аусқәа рзы акомитетқәа реилатәара иалахәхәоит.

Евроинтеграциа азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла апарламенттә комитет ахантәаҩы Мака Боҷоришвили ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла ари ауснагӡатәахь ааҧхьара аиуит Евроеидгыла ахантәаҩы-тәыла аҟынтәи.

«Ҳара Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рзы ҳколлегацәа ҳрацәажәаратәы алшара ҳауеит. Еиуеиҧшым асессиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа адебатқәа ҳрылахәхәоит. Аилатәара алҵшәақәа рышьаҭала ирыдыркыло  азеиҧш документаҿ иарбахоит Қырҭтәыла адгыларатә ҳәамҭақәа, лымкаала, Евроеидгыла алалара амзызла ҳтәыла акандидат астатус анашьара иадҳәаланы», — илҳәеит  Мака Боҷоришвили.