Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Еиду Арабтәи Аемиратқәа рхада, ашеих Моҳамед Бин Заиед Аль Наҳаиан.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ имҩаԥган аԥылара аофициалтә церемониа. Аҳаирбаҩӷәазаҿ Еиду Арабтәи Аемиратқәа рхада Қырҭтәыла аыза-министр Иракли Кобахиӡе диԥылеит, инагӡан атәылақәа рҳәынҭқарратә гимнқәа.
Уажәы Аиҳабыра радминистрациаҿ атәылақәа рлидерцәа ирҭбаау аформат аҿы аиԥылара мҩаԥыргоит. Аиԥылара рхы аладырхәоит Қырҭтәылеи Еиду Арабтәи Аемиратқәеи реиҳабырақәа рхаҭарнакцәа.