Қырҭтәыла анапхгара Аҧсны де-факто аиҳабыра амца арцәараҿы ирыцхраарц ихиоуп
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара Аҧсны де-факто аиҳабыра амца арцәараҿы ирыцхраарц ихиоуп.
«Импыҵахалоу Аҧсны абылра аныҟала, ҳара де-факто анапхгра иаразнакҵәҟьа адырра раҳҭеит амца арцәараҿы ҳрыцхраарц ҳшыхиоу.
Гал араиони Аҧсны егьырҭ араионқәеи рҿы абылрацәыхьчаратә усурақәа рымҩаҧгара ҳшазыхиоу идҳарбарцаз, ажьырныҳәа 5 шьыжь инаркны изныкымкәа Ацәаҳәа ҷыда ҳхы иаҳархәит.
Уажәазы ҳара де-факто анапхгара рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Аконкреттә аҭак анҳаулак, апроцесс ҳхы алаҳархәоит.
Ҳара аимадара ҳабжьоуп, ҩ-ганктәи адиалог мҩаҧаагоит. Уажәтәи аетап азы ҳаиҿцәажәара адетальқәа сызрылацәажәом. Де-факто анапхгареи ҳареи ҳаимадареи ҳдиалоги нагӡахоит», — илҳәеит Ҭеа Ахвледиани.