Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада жьҭаара  26 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рылахәразы апартиақәа ашәҟәы рҭагалара хнркәшеит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада жьҭаара  26 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рылахәразы апартиақәа ашәҟәы рҭагалара хнркәшеит

Жьҭаара  26 рзы  Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа рылахәызааразы апартиақәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада.

Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭагалоуп  27 апартиақәа.

«Анеҩстәи аетапаз апартиақәа апартиатә сиақәа цәырыргароуп, асиақәа рцәыргара аҿҳәара нҵәоит цәыббра  26 рзы. Хаҿык еиуеиҧшым апартиатә сиақәа дырнызар ҟалом. Асиақәа рцәыргара ашьҭахь  апартиақәа рдокументқәа ргәаҭара иалагоит,  анеҩс, апартиақәа ашәҟәы иҭаргалоит», — иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.