Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара ателеаудиториа иазку аҭҵаара аҩбатәи ахәҭа аланарҵәеит. Актәи ахәҭа 2020 шықәсазы ицәырган. Аҩбатәи ахәҭа инақәыршәаны, Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара 11.7% рыла иазҳаит.
Аҭҵаара аҩбатәи ахәҭаҿы ишану ала, егьырҭ ателееилахәырақәа еиҿҳарԥшыр, Ауаажәларратә дырраҭара агәрамгара аганахьала арбагақәа даараӡа илаҟәып, агәрагара арбага 38% иаҟароуп, абри ала Қырҭтәыла Актәи аканал аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылоит.
Аҭҵаара мҩаԥнагоит атендер аҿы аиааира згаз еилахәыра “Сонар”, аҭҵаара Қырҭтәыла атерриториаҿ мҩаԥган. Аҭҵаара хықәкыс амоуп ателеаудитора адемографиатә структуреи, ателеефир ахәаԥшреи, ателееилахәырақәа рыгәрагареи раарԥшра. Аҭҵаара рхы аладырхәит 18 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа.