Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа-ветеранцәа ахьтәы анашьҭыгақәа ранашьоуп
Қырҭтәыла Актәи аканал аусзуҩцәа-ветеранцәа ахьтәы анашьҭыгақәа ранашьоуп

Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили аусзуҩцәа- ветеранцәа ахьтәы анашьҭыгақәа раналшьеит.

40 шықәса адырраҭараҿы аус зуаз аусзуҩцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәагьы роуит.

Аусзуҩцәа-ветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара атрадициа ҧшьышықәса ахыҵуеит.

«Абри атрадициа ҳамоижьҭеит шықәсқәак ҵуеит, зҽаҧсазтәыз аусзуҩцәа ахьтәы анашьҭыгақәеи аҳамҭақәеи раҳҭоит.  Сынтәа аҳамҭақәа роуит 40 шықәса еиҳаны адырраҭараҿы аус зухьоу, гәыкала ззанааҭ бзиа избо, намысла зусура назыгӡо фҩык ҳусзуҩцәа.   Апандемиа амшала абри ауснагӡатә ирдуны амҩаҧгара ҳалымшеит, аха, арҭ ауаа рџьабаазы ҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахын», — илҳәеит Ҭинатин Берӡенишвили.