Қырҭтәыла Актәи аканал аменеџьмент иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ирԥылоит.
Аиԥылара рхы аладырхәоит аих ахырхарҭа иадҳәалоу иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа.
Ауаажәларратә дырраҭара ахаҭарнакцәа асасцәа ирыдаргалеит аиҿкаара аусзуразы аҳасабырба, ааԥхьарақәа, наҟ-наҟтәи апланқәа. Аиԥылара азҵаара-аҭаки адискуссиеи ррежим ала имҩаԥган.
“Абри еиԥш аинформациатә еиԥыларақәа наҟ-наҟгьы мҩаԥгахоит. Ҩганкалатәи иаарту еизыҟазаашьақәа, иаарту аимадара еиҿҟаарақәа рҟны аих ахырхарҭаҿ иҟоу ааԥхарақәа рыҿагылараҿ даара ҳацхраауеит,” – илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада ҭинаҭин Берӡенишвили.