Қырҭтәыла Актәи аканал аиурист хада Елена Михаилова Европа адырраҭарақәа реидгыла аиуристтә хеилак алахәылас далырхит
Қырҭтәыла Актәи аканал аиурист хада Елена Михаилова Европа адырраҭарақәа реидгыла аиуристтә хеилак алахәылас далырхит

Қырҭтәыла Актәи аканал аиурист хада Елена Михаилова Европа адырраҭарақәа реидгыла  (EBU)  аиуристтә хеилак алахәылас далырхит.

Аиуристтә комитет алахәылацәа ралхра апроцесс мҩаҧган Нидерланды аҳҭнықалақь Амстердам, Аиуристтә ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиуристтә комитет хықәкыс иамоуп Европа зехьынџьара ауаажәларратә медиа аӡыргареи ахьчареи, иара убас, Европа адырраҭарақәа реидгыла азинтәи ауаажәларратәи усқәа рстратегиа аиқәыршәареи анагӡареи.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара Европа адырраҭарақәа реидгыла иалоуп  2005 шықәса инаркны. Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭаразы аҵакы ду амоуп Европа адырраҭарақәа рҧышәа ахархәареи амедиа аҳасабтә ҿыцқәа рхырхарҭала аусеицуреи, уи азыҳәан иреиҕьу платформоуп Европа Ауаажәларратә дырраҭарақәа реидгыла.