Қырҭтәыла Актәи  аканал аицфинансыркрала иаҧҵоу афильмқәа Баҭымтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбоит
Қырҭтәыла Актәи  аканал аицфинансыркрала иаҧҵоу афильмқәа Баҭымтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбоит

Баҭымтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбоит  Қырҭтәыла Актәи аканал аицфинансыркрала иаҧҵоу 3 фильмк.

Зыӡбахәы ҳәоу афильмқәа иреиуп зметраж кьаҿу афильм «Аномер  26», ари апроект Қырҭтәыла Амилаҭтә киноцентр   2019 шықәсатәи аконкурс аҿы аиааира агеит.   Гванца Меҧаришвили иҭылхыз афильм аҧҵан Акиноцентри Актәи аканали реицфинансыркрала.

Иара убас Баҭымтәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы иддырбоит зметраж кьаҿу афильмқәа  «Аҽазыҟаҵареи» (арежиссиор: Илиа Аситашвили)   «Арыцҳашьареи» (арежиссиор: Звиад Циколиа). Арҭ афильмқәа аҧҵан Қырҭтәыла Актәи аканали Атеатри акинои аҳәынҭқарратә университети реицфинансыркрала.

Афильмқәа рыхҧагьы иддырбоит цәыббра 23 рзы,  акинотеатр  «Аполло» аҿы.