Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭа атәыла ахада лимпичмент иадҳәаланы азыӡырҩрақәа хнаркәшеит
Қырҭтәыла Аконституциатә аӡбарҭаҿ атәыла ахада лимпичмент иадҳәаланы азыӡырҩрақәа ихыркәшеит. Урҭ хымш инагӡон.
Иахьа азыӡырҩра азҵаареи аҭаки ррежим аҿы мҩаԥган.
Аонституциатә аӡбара ахантәаҩы Мераб Турава ишааицҳаз, апенум аӡбара анаднакыло, уи Қырҭтәыла апарламент аднагалоит, иара убасасаит Аконституциатә аӡбара асаит ианылоит.
Аконституциатә аӡбарҭа иахәаҧшит Қырҭтәыла Аконституциа 52-тәи ахәҭаҷ 1 апункт «а» апунктеиҵа аилагара, зыӡбахәы ҳәоу аус Қырҭтәыла ахада лыла атәыла адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рҿы Қырҭтәыла анапхгара рықәшаҳаҭрада ахаҭарнакратә мчра амҩаҧгара иазкуп, уи аарҧшын аҳәаанырцә имҩаҧгаз аусуратә визитқәеи, атәым ҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рҟны аусуратә аиҧыларақәеи аиҿцәажәарақәеи рымҩаҧгареи ала.
Ахада лган аадырԥшуан Ҭамар Чугошвилии Маиа Копалеишвили. Қырҭтәыла апарламент 80-ҩык адепутатцәа, атәыла ахада Қырҭтәыла Аконституциа еилалгеит ҳәа ирымоу агәаанагара иадҳәаланы, аконституциатә адгалара аларҵеит. Аиҳара ринтересқәа адырԥшуан Ираклий Кобахиӡеи, адепутатцәа Гиорги Кахиани, Анри Оханашвилии, Ҭенгиз Шарманашвилии.