Қырҭтәыла аизга  Евро-2024 афиналтә етапахь ииасыр,  9,25 миллион евро аиуеит
Қырҭтәыла аизга  Евро-2024 афиналтә етапахь ииасыр,  9,25 миллион евро аиуеит

2024 шықәсатәи Европа ачемпионат  иалахәы аизгақәа, Қырҭтәыла аизгагьы, атурнир афиналатә етапахь ииасыр, шаҟа аҧара дырҳауа еилкаахеит.

Евро-2024 аҧхьахәтә фонд  зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, уажәазы уи 371 миллион евро иаҟароуп.  Қырҭтәыла аизга  Евро-2024 афиналтә етапахь ииасыр,  9,25 миллион евро аиуеит. УЕФА аӡбарала, Европа ачемпионат иалахәхәо аизгақәа зегьы абри аҟара аҧара роуеит. Зынӡа Германтәыла еицлабуеит 24 акомандақәа.

Европа ачемпионат  плеи-офф астадиаҿы аҧхьахә абас ала еизшоуп:

Атурнир  1\8 ахь аиасразы  – 2 миллион евро;

Афинал аҧшьбарахь аиасразы  – 3,25 миллион евро;

Афиналбжьахьы аиасразы  – 5 миллион евро;

Афиналаҿ иаҵахо акоманда аиуеит  7 миллион евро,  Евро-2024 аиааирагаҩы  – 10 миллион евро.

Убри аҟынтә, Европа ачемпионатаҿ аиааира зго акоманда, атурнир  аҳәаақәа ирҭагӡаны,  34 миллион евро аҟара аиур алшоит.

Ишдыру ала,  Евро-2024  плеи-офф афиналбжаҿы Қырҭтәыла аизга  Лиуқсембург иацлабуеит. Аматч мҩаҧысуеит Қарҭ, хәажәкыра 21 рзы,  «Динамо Арена» астадионаҿ.  Ари аматч аҿы аиааира зго акоманда плеи-офф афиналаҿ,  ахатә стадионаҿ,  Бырзентәыла-Кахазстан аматч аиааирагаҩы иҧылоит.