Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара аҿагыларатә 16 мштәи акампаниа рхы аладырхәоит
Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара аҿагыларатә 16 мштәи акампаниа рхы аладырхәоит

Қырҭтәыла аиҳабыра аҳәса рзы амчылара аҿагыларатә 16 мштәи акампаниа рхы аладырхәоит. Акампаниа мҩаҧысуеит абҵара 25 инаркны ҧхынҷкәын   10-нӡа. Ари аинформациа аланарҵәоит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа.

Аҳәса рзы агендертә мчылареи аҭаацәараҿы амчылареи  аҿагылареи, амчылара апревенциеи, амчылара зхызгаз ауаа рыхьчареи Қырҭтәыла аиҳабыра рзы аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла ари ахырхарҭала ақәҿиара дуқәа амоуп,  арҭ ақәҿиарақәа  акоординациа зызу амультисектортә азнеишьеи хықәкылатәи аполитика амҩаҧгареи иабзоуроуп.

2023 шықәса абҵара  8 рзы Еврокомиссиа ицәырнагаз аихшьаалатә аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Қырҭтәыла агендертә мчыларазы аинституциатә ақәҿыҭра шыҟоу,  аҳәынҭқарра  амчылара афактқәа зегьы ишахәҭоу еиҧш ишрықәҿнаҭуа. Еврокомиссиа алахәылацәа ари апроцесс ахәшьара бзиа арҭеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, агендертә мчылара аҿагыларазы алҵшәа зхылҵша ашьаҿақәа рыҟаҵара нарыгӡоит.

Аҳәса рзы амчылара иаҿагыло 16 мштәи акампаниа адунеи зехьынџьара имҩаҧысуеит  1991 шықәса инаркны. Ари акциа азгәарҭоит  187 аҳәынҭқаррақәа рҿы  5000 инареиҳаны аиҿкаарақәа. Акампаниа хықәкыс иамоуп аҳәса рзы амчылара апроблема иазкны ауаажәлар рдырра аиҕьтәра ала  амчылара аҽацәыхьчара ацхраара.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа.