Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟарҵеит Илиа Дарчиашвили
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟарҵеит Илиа Дарчиашвили

«Илиа  Дарчиашвили  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс дықәыргылоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иахагылаз  Давиҭ Залкалиани аусура наигӡоит Америка Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳасабала.

Илиа  Дарчиашвили 2021 шықәса инаркны Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабыс дыҟан. Уаанӡа Польша Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс аус иуан.