Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Украинантә аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  аевакуациа зызу 2000ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Украинантә аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  аевакуациа зызу 2000ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  аҳәынҭқарра Украинантә Қырҭтәыла атәылауаа ралгареи ацхыраара рыҭареи апроцесс нанагӡоит.

Аминистрра адыррақәа рыла,  аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  2 нызқьҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа.

«Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла,  Польша иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала,  аҧсадгьылахь ихынҳәит  80ҩык Қырҭтәыла атәылауаа,  мчыбжьыкала  —  242ҩык.  Румынтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала аҵыхәтәантәи амчыбжь азы ихынҳәит  75ҩык Қырҭтәыла атәылауаа.  Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа Украинантә ревакуациа апроцесс инагӡоит.

Украина аибашьра ианалага инаркны Украина иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа арежим ҷыдаҿ аус руеит.  Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала,  дара ирыдҵоуп Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа аиҿкаареи раҧхьатәи ацхыраара рыҭареи. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит  2000ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.