Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Қырҭтәыла атәылауаа Афганистанынтә ралгаразы активла аус аауеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҧыза-министр иусбарҭеи активла аус руеит Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь рырхынҳәразы, — ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусбарҭа адырра ала, хазхаҭалатәи аилаӡарақәа рыла Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иахьа иадҵаалт.
«Ҳара зыҧшра ҟамҵакәа абри ахырхарҭал аусура ҳалагеит. Апартниор тәылақәеи ҳтәылауаа Афганистан аус ахьыруаз аилахәырақәеи рҟны аимадара ҳамоуп. Иара убас, украинатәи агангьы ҳрацәжәеит ҳтәылауаа Афганистанынтә украинатәи аҳаирпланла ралгаразы», — иануп аҳәамҭаҿы.
Иахьа арадикалтә гәыҧ «Талибан» Афганистан аҳҭнықалақь Кабул иакәшеит. Атәыла аиҳабыреи арадикалтә гәыҧ алахәылацәеи ҭынч амчра аҭаразы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит. Reuters аинформациа инақәыршәаны, Афганистан ахада атәыла дықәҵхьеит.