Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҽалархәрала аиҧылара мҩаҧган

18:46, 29.07.2024

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи  рыцҳаражәҳәаҩцәа рҽалархәрала  аиҧылара мҩаҧган.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«2024 шықәса ҧхынгәы 29 рзы, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы,  «2023 шықәса абҵара  8 рзы Еврокомиссиа арҭбаара аполитика иазку акоммиунике аҿы Қырҭтәылазы иҳәаақәҵаз  жә-шьаҿак рынагӡара» иазкыз аӡыргара мҩаҧган.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аус зуа Евроеидгыла атәылақәеи егьырҭ апартниор-тәылақәеи  рыцҳаражәҳәаҩцәеи ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

 

Еиԥшу