Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылара иазку аинформациа аланарҵәоит
Лиетувеи, Латвиеи, Естониеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Дариус Виткаускаси, Марџь Мардисалу-Каҳари, Лолита Ленкиевичи Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иааԥхьан.
Аиԥылараҿы ақырҭуа ган агәҭынчымра аанарԥшит х-ҳәынҭқаррак рнапхгаҩыцәа Қырҭтәыла аиҳабыра рхаҭарнакцәа рганахьала асанкциақәа ирызкны иҟарҵаз аҳәамҭа азы.
Аиԥылараҿ ишазгәаҭаз ала, ари ашьаҿа атәылақәа ирыбжьоу апартниортә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа шрыҵанамкуа.
Аиԥылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла анаԥхгара 2028 шықәсанӡа Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа раартра азҵаара амш аусхәаԥштә аҿы ақәыргылара агәы ишҭам, насгьы Евроеидгыла абиуџьет агрантқәа мап рыцәкразы аӡбара шаднакыло. Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс нанагӡоит, аха ари азҵаара иадҳәаланы иҟоу аспекуляциақәа аԥырҟәҟәаатәуп.
Аиԥылараҿы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәыӷра аанарԥшит патуқәҵара шьаҭас иамаз атәылақәа ирыбжьаз аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуреи шырзыхынҳәуа.
Аинформациааланарҵәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.