Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Британиа аган аҟынтә аҳәаатә хылаҧшра арҕәҕәареи атранзитаан аҳаирбаҕәазаҿ авизатә режим ашьақәыргылареи иазкны аинформациа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Британиа аган аҟынтә аҳәаатә хылаҧшра арҕәҕәареи атранзитаан аҳаирбаҕәазаҿ авизатә режим ашьақәыргылареи иазкны аинформациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Британиа аган аҟынтә аҳәаатә хылаҧшра арҕәҕәареи атранзитаан аҳаирбаҕәазаҿ авизатә режим ашьақәыргылареи иазкны аинформациа аланарҵәеит.

«Британиа Ду иџьбароу аммиграциатә политика  иазҧхьагәаҭаны, ари атәылаҿ аҳәаатә хылаҧшра дырҕәҕәеит.  Убри аҟынтә, сынтәа цәыббра 8 инаркны, Қырҭтәыла атәылауаа, атранзитаан аҳаирбаҕәазаҿ авиза  (DATV) роуроуп. Зыӡбахәы ҳәоу  авиза рымазароуп ахҧатәи атәылашҟа ицо, Британиа Ду аҵакырадгьылаҿ ареис зыҧсахуа, аҳәаатә хылаҧшра иахымсуа Қырҭтәыла атәылауаа», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Иара убас, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишазгәарҭаз ала, иџьбароу аммиграциатә политика амшала,  Беритани ду  100 ҳәынҭқаррақәа иреиҳаны атранзит-визатә режим рзышьақәнаргылеит, арҭ аҳәынҭқаррақәа иреиуп: Молдова, Украина, Ҭырқәтәыла, Аҩадатәи  Македониа, Аладатәи Африкатә Республика, Китаи, Шәамахьтәыла, Азербаиџьан, Черногориа, Босниа уҳәа, убас егьырҭгьы.