Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр лвизит иазкны аофициалтә информациа аланарҵәеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр лвизит иазкны аофициалтә информациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аинформациа инақәыршәаны, Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Аџьа  Лабиб, арегионалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла даҭаауеит нанҳәа  23-24 рзы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Аџьа  Лабиб Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили диҧылоит ишиашо, иара убас, ирҭбаау аформатқәа рҿы.

Бельгиа адәныҟатәи аусқәа рминистр длыдылкылоит  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилигьы.

Аџьа  Лабиб  ампыҵахалатә цәаҳәашҟа днеины, аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа лбоит, иара убас, Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭалҵоит.

Аџьа  Лабиб Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәагьы дырҧылоит.