Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҭҵааратә наукақәа ринститути асеисологиатә мониторинг азы амилаҭтә центри рҟынтә ишаарыцҳаз ала, иахьа Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

3.2 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра қарҭтәи аамҭала асааҭ 21:16 рзы ҟалеит.

Адгьылҵысра аепицентр Ниноҵминда ақалақь аҟынтә 12 км иацәыхараны, Саӷамо ақыҭаҿ иҟан.