«Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аоперативтә-аҧшааратә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, Қарҭи, Пониҷала аҳаблеи, Русҭавии, Баҭыми, Қәҭешьи, иара убас, Болниси амуниципалитети рҿы анаркотикқәа зҭиауаз 20ҩык ауааҧсыра ааныркылеит. Иаанкылоу ауааҧсыра асоциалтә аҳаҿы анаркодиллерцәа ргәыҧ акуриерцәа роуп. Дара, Қарҭ, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы, аҭиразы иазҧхьагәаҭаз анаркотикқәа шьҭарҵон.
Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра рынхарҭақәа анеимырдуаз, азинхьчаҩцәа ирацәаӡаны еиуеиҧшым анаркотикқәа рбеит.
Аусеилыргара иалагеит Қырҭтәыла ашьауҕатә закәанеидкыла 260-и 236-и ахәҭаҷқәа рыла.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 8 инаркны 20 шықәсанӡа, мамзаргьы, аҧсранӡа аҭакра — иҳәеит абрифинг аҿы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Акриминалтә полициа адепартамент анапхгаҩы Мамука Ҷелиӡе.