Қырҭтәыла 4.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла 4.0 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит

Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә ҵентр аинформациала, аепицентр Ҭианеҭи 27 км иацәыхараны, аҩада-мрагыларахьала Уканаԥшави аҟыҭаҿ иҟан.

3,3  амагнитуда амч змаз адгьылҵысра қарҭтәи аамҭала асааҭ 15:28 рзы ҟалеит.

Иахьа Шәамахьтәылагьы, Қырҭтәыла аҳәаа 45 км иацәыхараны, адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылаҵантәи аахақәа Қырҭтәыланӡа инаӡеит. Адгьылҵысра амч 5.1 амагнитуда иаҟаран.