Қырҭтәыла арбџьармчқәа Шотландиа имҩаҧысуаз амилаҭрацәаратә арра-амшынтә азыҟаҵарақәа Sea Breeze 2023 рхы рыладырхәит
Шотландиа имҩаҧысит Америка 6-тәи афлотла еиҿкааз амилаҭрацәаратә арра-амшынтә азыҟаҵарақәа Sea Breeze 2023.
Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, азыҟаҵарақәа рылахәылацәа амшынаҿ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара иазкыз азеиҧш операциақәа рзы рҽазыҟарҵон.
«Сынтәа Қырҭтәыла амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа ирылахәып аштабтәии аӡхәыҵаларатәи компонентқәа рҿы. Азыҟаҵарақәа, иара убас, ирылахәып Америкеи, Британиа Дуи, Германтәылеи, Франциеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи, Швециеи, Даниеи, Норвегиеи, Финлиандиеи, Болгариеи, Румынтәылеи, Естониеи, Нидерланди, иара убас, НАТО еснагьтәи арра-амшынтә гәыҧи. Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа Sea Breeze иалахәып 2001 шықәса инаркны», — иануп аинформациаҿы.