Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Узбекистан аԥыза-министр

10:30, 17.07.2023

Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭаауеит Узбекистан аԥыза-министр Абдулла Арипов. Ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵӡура.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, асааҭ 14:00 рзы мҩаԥгахоит Узбекистан аԥыза-министр Абдулла Арипов иԥылара ацеремониа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны апланқәа ирылоуп Қырҭтәыла аԥыза-министр Узбекистан аԥыза-министри ишиашоу реиԥылареи ирҭбаау аформат ала аиԥылареи рымҩаԥгара.

Еиԥшу