Қарҭтәи ақалақьтә ӡбарҭа аблогер Уча Абашиӡе хәышықәсатәи аҭакра иқәнаҵеит, иԥҳәыс - ԥшьышықәсатәи аҭакра
Қарҭтәи ақалақьтә ӡбарҭа аблогер, аррат експерт Уча Абашиӡе хәышықәсатәи аҭакра иқәнаҵеит, иԥҳәыс Мариам Иашвили – ԥшьышықәсатәи аакра.
Аӡбарҭатә процесс ашәқәа ркны мҩаԥысуан.
АҩАР ахаҭарнакцәа аблогер Уча Абашиӡе лаҵара 9 рзы дааныркылеит, уи абџьар аџьаԥҳани изакәаным аахәареи аҵәахреи ихарарҵоит. АҩАР ахаҭарнакцәа аблогер Уча Абашиӡе иԥҳәыс Мариам Иашвили. Аусҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Уча Абашиӡеи иԥҳәыс Мариам Иашвилии ахаҿқәа ринтимтә еизыҟазаашьақәа зныԥшуа аматериалқәа закәандалара раиура ргәы иҭан.