Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Арегионтә ҿиареи аинфраструктуреи рминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Коба Габуниа аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала аҭакра иқәнаҵеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Арегионтә ҿиареи аинфраструктуреи рминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Коба Габуниа аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала аҭакра иқәнаҵеит.
Аӡбамҭа лыдылкылеит аӡбаҩ Нино Хуџьаӡе.
Аусԥшаара аан ишеилкаахаз ала, Арегионтә ҿиареи аинфраструктуреи рминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Коба Габуниа имаҵзура тыԥ анааникылоз аамҭазы, аилахәыра «Лаги Капитал» априоритети аванси аиҭеит. Аха ари еилахәыра хаҭарнакцәа шықәсык аԥхьа, 2023 шықәсазы ироуз аванс хықәкыла инырымхит. Апрокурор иажәақәа рыла, иахьа уажәраанӡа ахәыҷбаҳчакгьы иргылам, ари иахҟьаны аҳәынҭқарра аматериалтә цәыӡ дуқәа аиуит.