Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университетаҿ аректор инапынҵақәа назыгӡо иалхрақәа мҩаҧысуеит
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университетаҿ аректор инапынҵақәа назыгӡо иалхрақәа мҩаҧысуеит

Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университетаҿ аректор инапынҵақәа назыгӡо иалхрақәа мҩаҧысуеит. Алхрақәа ашәқәа ркны имҩаҧысуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҭыҧ азы акандидат заҵәык дыҟоуп –  Џьаба Самушиа.

Абжьыҭира анымҩаҧысуа аамҭазы, астудентцәа рыхәҭак акциа мҩаҧыргоит. Дара ишырәҳаз ала, алхрақәа ииашамкәа имҩаҧысуеит, Академиатә хеилак акәымкәа, академиатә персонал роуп  аректор инапынҵақәа назыгӡо  иалхра зыхәҭоу.

Астудентцәа рыхәҭак ргәы ишаанаго ала, Академиатә хеилак азаәантә мчы амам, избанзар,  анапхгаратә партиа мацара аинтересқәа ирызҿлымҳауп.

Қарҭтәыла аҳәынҭқарратә университет аректор Гьаргь Шарвашиӡе инапынҵақәа шьҭеиҵеит жьҭаара  7 рзы.