Қарҭи Баҭыми Иунеско аҟазаратә қалақьқәа раҳа иалахәып
Қарҭи Баҭыми Иунеско аҟазаратә қалақьқәа раҳа иалахәып

Иҵегьы 49 ақалақьқәа, Қарҭгьы Баҭымгьы нрылаҵаны, Иунеско аҟазаратә ақалақьқәа раҳа рҽаладырхәоит.

Иунеско агенералтә директор  Одри Азулаи зыӡбахәы ҳәоу ақалақьқәа аҧыжәара рылҭеит дара акультуреи аҟазареи ашьаҭала аҿиара ахьеиҕьаршьо азыҳәан.

Аҳа иалахәып  иҭышәынтәалоу аҿиаразы акультуреи аҟазареи аҧара алазҵо  295 ақалақьқәа  90 ҳәынҭқаррақәа рҿы.

Иара убас , сынтәа аҳа аинформациа аланарҵәоит зыӡбахәы ҳәоу ақалақьқәа акоронавирус аҿагыларазы имҩаҧырго акультуратә уснагӡатәқәа ирызкны. Апандеми амшала азарал ду зауз ақалақьқәа рыдгылара амзызла,  Иунеско абри аинформациагьы аланарҵәоит.