Қарҭ  мҩак Сергеи Параџьанов ихьӡ ахырҵеит  
Қарҭ  мҩак Сергеи Параџьанов ихьӡ ахырҵеит  

Қарҭ, Мҭаҵминда араион аҿы,   еицырдыруа арежиссиори, асценаристи, асахьаҭыхҩи Сергеи Параџьанов  дахьынхоз амҩа ихьӡ ахырҵеит.   Амҩа аартра ацеремониаҿы иҟан  Қарҭтәи Сакребуло адепутатцәеи, аҟазара ахаҭарнакцәеи, Серго Параџьанов иҩызцәеи.

Қарҭтәи Сакребуло ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, амажоритартә депутат Зураб Абашиӡе ишиҳәаз ала, қарҭуаа зегьы, игыло аҿаргьы агениалтә режиссиор еснагь дыргәаладыршәалароуп.

«Қарҭуаа зегьы, игыло аҿаргьы  ҳаҳҭнықалақь азы изызҳаз агениалтә режиссиор еснагь дыргәаладыршәалароуп, иара ақырҭуа культура аҿиараҿы иҟаиҵаз алагала ду рдыруазароуп. Қарҭ ақалақьтә ахеилаки ахадареи ирылшо зегьы ҟарҵоит Сергеи Параџьанов ихьӡ анаӡаӡатәразы», — иҳәеит  Абашиӡе.