Қарҭ инхо 60 ихҵәоу аҭаацәарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә рхатә нхарҭақәа роуеит
Ахҵәацәа русқәа рзы агентра адыррақәа рыла Қарҭ, Алеқсиӡе имҩаҿы инхо 60 ихҵәоу аҭаацәарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә анхарҭатә ҵакырақәа роуеит.
Агентра адиректор Бесарион Симонишвили ишиҳәаз ала, ахҵәацәа рыхьӡала анхарҭақәа ашәҟәы рҭаҩра апроцесс иалагахьеит, 2021 шықәса алагамҭазы ахҵәацәа рхатә нхарҭақәа рымазаауеит.
«Ахҵәацәа кыршықәса рыҩнуҵҟа абри ахыбраҿ инхоит, аха абри анхарҭа аофициалла дара иртәымызт. Иахьарнахыс абарҭ анхарҭақәа закәанла дара иртәызаауеит», — иҳәеит Симонишвили.