Қарҭ,  ахондроплазиа адиагноз змоу ахәыҷқәа рыдгыларатә акциа мҩаҧысуеит
Қарҭ,  ахондроплазиа адиагноз змоу ахәыҷқәа рыдгыларатә акциа мҩаҧысуеит

Иахьа Қарҭ имҩаҧысуеит ахондроплазиа адиагноз змоу ахәыҷқәа рыдгыларатә даҽа акциак. Акциа иалагеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбра аҧхьа, анеҩс акциа алахәылацәа апарламент ахыбрашҟа ииасуеит, уаҟа аҳәамҭақәа ҟаҵаны, аиҳабыра рофисашҟа ихынҳәуеит.

Акциа алахәылацәа ахондроплазиа ачымазара змоу ахәыҷқәа рхәышәтәразы ахәшә Қырҭтәылаҟа аагара иаҳәоит.

«Есымша абра имҩаҧысуа акциақәа аҭаацәара роуп еиҿызкаауа. Ҳара ҳхәыҷқәа ҳахьчар ҳҭахуп, убри аҟынтә, ауааҧсыра зегьы ҳрыҳәоит иҳадгыларц.  Уаҵәы гәахәарыла аҩныҟа ҳхынҳәуан, аха, уахгьы-ҽынгьы адәахьы ҳтәоижьҭеи  12 мшы ҵит, ҳхәыҷқәа гәхьааҳгеит.  Ҳара аҳәара заҵәык ҳамоуп  –  ахәшә  Возоридит Қырҭтәылаҟа иааргааит. Ҳхәыҷқәа агәра дҳаргароуп рҭаацәа шыбзиоу, ҳҳәынҭқарра шыбзиоу. Убри аҟынтә, ауааҧсыра зегьы иҳадгыларц ҳрыҳәоит.  Агәабзиарахьчара аминистрра изныкымкәа ҳаржьахьеит.  Аҧыза-министр иацы аиҳабыра русмҩаҧгарҭа иалаҳҵаз арзаҳал инапы анаҵаиҩлак,  акциа ҳаҟәыҵны, аҩныҟа ҳхынҳәуеит. Арзаҳал аҿы ишарбоу еиҧш,  2023 шықәса цәыббранӡа ахәшә Қырҭтәылаҟа ишаарго ҳдыруазароуп», — илҳәеит ахондроплазиа ачымазара змоу ахәыҷы иан Қеҭи Бегиашвили.