Қарҭ ахадара Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа афинанстә цхыраара рырҭеит
Афашизм аҵархара амш инамаданы, Қарҭ ахадара Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа афинанстә цхыраара рырҭеит.
Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, Қарҭ инхо аветеранцәа 600 лари ацхыраара рырҭеит, иара убас, Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан аныҟәгаҩы дызцәыӡыз аҭаацәарақәагьы 300 лари ацхыраара роуит.
«Лаҵара 9 инамаданы, Аҩбатәи адунеитә еибашьра 115ҩык аветеранцәеи зыӡбахәы ҳәоу аибашьраан аныҟәгаҩ дызцәыӡыз 52ҩык ауааҧсыреи афинанстә цхыраара роуит. Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, лаҵара 4-11 аҧсшьара мшқәоуп, убри аҟынтә аветеранцәа заанаҵы аҧара рзиаргеит», — ирҳәеит аҳҭнықалақь ахадараҿы.